Аахыҵ Уаԥстәыла даҽа хәҩык акоронавирус рыхьит

Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа зыхьыз рхыԥхьаӡара 22-ҩык рҟынӡа инаӡеит, уахыки-ҽнаки рыла даҽа хәҩык ирыдырбалеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла асанитартә усбарҭаҟны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәарҭеит 48-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә хәҩык ирыдбалан акоронавирус, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла

"Ареспубликаҿы COVID-19 зыхьыз 22-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ԥшьҩык - адәныҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауааи студентки роуп", - абри атәы агентра иазеиҭалҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахархәаратә хылаԥшра аиҳабы Анна Гаглоева.

Атәыла аиҳабыра Урыстәылеи дареи рҳәаа зегьы рзы аамҭала иадыркит (лаҵара 10 инаркны 17 рҟынӡа), аидарамҩангарақәагьы убрахь иналаҵаны.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, лаҵара 8 рзы иаарԥшын ԥшьҩык акоронавирус шрыхьыз, даҽа ҩыџьа ачымазацәа аарԥшын лаҵара 9 рзы. Убас ала иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыхьны ахәышәтәырҭа иҭоуп фҩык ачымазцәа. Ичмазаҩхаз зегьы Москвантәи зыԥсадгьыл ахь иааз ҳастудентцәа роуп.

Мшаԥымзазы аинфекциа хҩык Гагра атәылауаа ишрылаз аарԥшын, урҭ рахьтә ҩыџьа ргәы бзиахан ахәышәтәырҭа иҭыҵхьеит, аӡәы, 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг, лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>