Арадио

Абыхәԥҳа лҵаҩцәа рзы: ҭелла акәым, егьыс ашкол аҿгьы амаҭәар рызнагара уадаҩуп

Галтәи актәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩы Манана Абыхәԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы иахҟьаз аԥкрақәа раан лҵаҩцәеи лареи реимадара шыҟоу.
Sputnik

 

Абыхәԥҳа лҵаҩцәа рзы: ҭелла акәым, егьыс ашкол аҿгьы амаҭәар рызнагара уадаҩуп

"Иахьа адунеи аҟны аамҭа уадаҩуп зымҽхак ҭбаау ачымазара ҿкы иахҟьаны. Аҵаратә процесс ашкол аҟны иаанкылоуп, аха ҳарҵаҩцәа ус баша итәам, рҵаҩцәеи дареи еимадоуп. Иҟоуп аҵаҩцәа техникала еиқәшәам, дара рхыԥхьаӡарагьы маҷӡам, убри аҟынтә рҩызцәа аҵара анырҵо, дара алхәдаауп. Ақыҭақәа рҟны иаҳа иуадаҩзар ҟалап, аха ҳара ҳҟынгьы амобилтә ҭелқәа змам ыҟоуп. Класск аҟны ҩажәаҩык тәазар жәаҩык ирымамзар ҟалоит, аинтернет еимадарагьы зны иҟоуп, зны иҟам", - лҳәеит Абыхәԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: