COVID-19 аҟынтәи аиммунитет зауа рыпроцент дуум

Агәабзиарахьчаразы адунеитә еиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус змоу ԥшь-миллионк иреиҳауп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 279 нызқьҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа зыхьыз рҟынтә 7-8 процент абри ачымазара аганахь ала аиммунитет роуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости абиологиатә наукақәа рдоктор, ЕАА асистематә биологиа Ашкол GMU апрофессор Анчу Баранова лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

COVID-19 аҿагылазаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа дырԥсыҽыр ҟалоит

Баранова иазгәалҭоит COVID-19 зыхьуаз рыбжьара ишыҟоу ашоуреи аимҳәеи рыманы, аха авирус аганахь ала ацәеижьҿагылара ззышьақәымгылаз. Арҭ апациентцәа ркатегориа ачымазара иаиааиит аинтерферонқәа рыла. Аха дара аиммунитет рмоуӡеит.

Аиммунитет зынӡа измаузи акоронавирус ахь ацәеижьҿагылара заузи рыбжьара иҟоуп ачымазара ашьҭахь иԥсыҽу аамҭалагьы ихарам аиммунитет зауа. Урҭ авирус аҽазныкгьы ишьҭыркаар ҟалоит.

Абиолог ишылҳәо ала, коронавирус зыхьхьоу риммунитет ашьақәгыларазы аинформациа китаитәи аҵарауаа рҟынтәи игоуп. Уа аҵарауаа иҭырҵааит 171 пациент.

Аԥсны лаҵара 11 рзы аинфекциа змоу быжьҩык ыҟоуп. Дара зегьы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥснытәи астудентцәа роуп. Дара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп.

Акоронавирус иазку ҳажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>