Арадио

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа: ачымазара агәра зымго ҳазлагылоу дырбатәын

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы Ииа Гәымԥҳа-Барзаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҩныҵҟа русура шеиҿкаау атәы, насгьы ауааԥсыра рахь ирымоу агәынамӡара зхылҿиааз.
Sputnik
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа: ачымазара агәра зымго ҳазлагылоу дырбатәын

"Мызкы ҵуеит аҩныҟа сымцеижьҭеи. Доусы зегьы ҳус ҳдыруеит, иааиуа ачымазаҩцәа ирԥыло хазуп, ашә аҿы итәо хазуп, ачымзаҩцәа ахьышьҭоу аус рыдызуло хазуп. Иаҭаху амыругақәа рыла ҳаиқәшәоуп, ҳнызкыло ҳәа мамазаргьы иҳамам ҳәа акгьы ыҟаӡам. Макьана ахәышәтәырҭаҿы аус зуа акгьы рыдбалам. Ачымазаҩцәа рахь ҳара ҳаҩналаӡом уахь инеиуа аҳақьымцәа мацара роуп. Дара ишахәҭоу еиԥш еибыҭоуп. Уажәы зҽызхәышәтәуа акурсантцәа ргәалаҟазаара бзиоуп, ргәабзиара ашәарҭара иҭагылам. Аԥхьа ианааз ҳгәы ԥжәон, даргьы шәаны иҟан, аха уажәшьҭа иашьцылеит. Ажәлар хырҩа арҭоит ачымазара "шәызҿу акыр ыҟазшәа" ҳәа анырҳәо даара иԥхасшьоит. Уи шьоукы агәра рымгозаргьы, ҳара ҳазлагылоу баны иазхәыцыргьы ауан. Ахәышәтәырҭаҿы аус зуа рхәыҷқәа, рҭаацәа ааныжьны иаауеит, урҭ ара аус анырулак ашьҭахь рхала рҽыԥхьаркуеит. Ачымазара цеит, акгьы ҳԥырхагам ҳәа ргәы иаанагозар, рхы ржьоит. Уажәы ҳаихьӡозар, ачымазаҩцәа рхыԥхьазара иаҳа еиҳахар, усҟан ҳусқәа даара ицәгьахоит", - ҳәа азгәлаҭеит Гәымԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>