"Аибашьра ашьҭахь аԥырра аганахьала ицәгьан аҷкәынцәа аҵара дырҵара, урҭ Урыстәылаҟа рышьҭра. Аԥырыҩцәа, анџьнырцәа уҳәа иаҳҭахыз аспециалистцәа рацәан. 1996 шықәса инаркны ҳалагеит маҷ-маҷ уи аус аиҿкаара. Воронеж, Москва уҳәа еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟнытә иалган иаҳзаахьоу рацәоуп. Дара ҳара иҳамоу аҳаирпланқәа раасҭа еиӷьу, иӷәӷәоу ныҟәыргартә иҟоуп. Аҳаиртә баӷәаза ҽнак иаадыртыргьы аус руртә еиԥш иҟоуп, убасгьы ҳгәы иҭоуп, анаҩс аграждантә авиациахь ииаҳгарц. Аамҭа бзиа ҟалар, ҳара ҳахь аҳаирпланқәа аԥырра иалагар, ҳазыхианы ҳаҟазарц. Убригьы аҵара ҷыда аҭахуп, хәышықәса инеиҵамкәа, нас еиҭа 3-4 шықәса аус руроуп, аԥырҩы апассаџьырцәа аазго аҳаирплан дақәтәарцаз. Убри хәыҷык ԥхьаҟа уԥшны уалагароуп уи аус, нас уахьӡарцаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәымба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ԥсаатәҵас ажәҩан иалаз, аҳаракыра иазааигәаз Мери Аҩӡԥҳа лгәалашәаразы