Аахыҵ Уаԥстәыла акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аахыҵ Уаԥстәыла раԥхьаӡа акәны акоронавирус зыхьыз даарԥшын лаҵара 6 рзы. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла адиагноз COVID-19 рзыҟаҵан даҽа хәҩык апациентцәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа адиагноз рзықәыргылан даҽа хәҩык Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа.

Урҭ иреиуоуп Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу акурсантцәа ԥшьҩыки Урыстәылантәи ихынҳәыз ԥҳәыски, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

Убасала, лаҵара 14 рызтәи адыррақәа рыла, Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа 30-ҩык акоронавирустә инфекциа рыхьны иҟоуп. Аҳақьымцәа зхылаԥшуа рхыԥхьаӡара 279-ҩык ыҟоуп, зынӡа атәылаҿы 500 тест мҩаԥган.

Аԥсны аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 12-ҩык акоронавирус рыхьны иҟоуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус аарԥшын Гагра иқәынхо хҩык атәылауаа рҟны, урҭ рахьтә ҩыџьа ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭа иҭҩаан, ахԥатәи ачымазаҩ - 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>