Арадио

Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа зхьымӡаз апрограмма шхарҭәаахо атәы

Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа ашколтә программа иахьӡартә еиԥш иҟаҵахо, насгьы ахәыҷбаҳчақәа русура хацдыркаанӡа ахыбрақәа рҿы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы.
Sputnik
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа зхьымӡаз апрограмма шхарҭәаахо атәы

"Аҵара аспециалистцәа, аметодистцәа ахәыҷқәа зхысра иахьымӡаз апрограммақәа агәаҭара иаҿуп. Анаҩс уи шаҟа сааҭ аҭаху еилкааны, ҭагалан аҵарашықәс ҿыц аан ихарҭәаахоит. Асабша алаҵан ҳазхьымӡази, апрограмма ҿыци иааилаҵаны актәи асеместр ала ахысра алыршахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Ахәыҷқәа ииаҳгеит егьи акласс ахь, аха иҟоуп актәи акласс аҿы анбанқәа нагӡаны изымҵазгьы", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.

Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо лажәақәа рыла, сынтәа ашкол иалго аушьҭымҭацәа рзгьы ишаԥу еиԥш еиҿкаахоит ахәылԥазгьы, аха

"Ачымазара атәарахьы ахы аҿанынахалак уи џьара мҩак азылххоит. Ахәыҷқа ус иаанҳажьрым, аҭаацәагьы ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп. Ныҳәа бзиак, ныҳәа еиҿкаак ҳалшап ҳәа сгәы иаангаоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: