Арадио

Сымсым Александр Алавердиан изы: ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи зегьы бзиа деицырбон

62 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит ахәыҷтәы музыкатә гәыԥ Каданс анапхгаҩы Александр Алавердиан. Иара ибзианы дыздыруаз, аус ицызуаз амузыкант Ҭемыр Сымсым арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ахәыҷқәа рымаршәа кны рызнеишьа дшақәшәоз атәы.
Sputnik
Сымсым Александр Алавердиан изы: ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи зегьы бзиа деицырбон

"Алик - ауаҩы дизааигәан, игәы ҭбаан. Иара ахәыҷтәы естрадатә гәыԥ аԥҵара атәы еснагь иҳәон. Уи иагьилшеит, ҟазарыла дазнеит. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи зегьы бзиа деицырбон. Агәыԥ алахәылацәа рыҩаӡара жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟынӡа инаргартә еиԥш ишьҭихит. Иага уҟазара ҳаракызаргьы, абаҩхатәра ду улазаргьы, ахәыҷқәа аус рыцура - уи даҽакуп. Убри аганахьала, ахәыҷқәа ишрацәажәатәу, урҭ ргәы иалымсырц ирыгу шрызнагатәу дақәшәон иара. Алик абык еиԥш дырхагылан, ахәыҷқәа амузыка абзиабара ахьынӡадиркыз ала иуҳәар ҟалоит ԥыҭҩык уи амҩа алызхуа шыҟало атәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сымсым.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: