Арадио

Маланиаԥҳа: Аԥсныҟа атурқәа рыҭира азҵаара иалацәажәатәым аҳәаа аартхаанӡа

Атурфирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Аԥсныҟа атурқәа рыҭира хацыркуп ҳәа ицәырҵыз аинформациа ахҳәаа алҭеит.
Sputnik
Маланиаԥҳа: Аԥсныҟа атурқәа рыҭира азҵаара иалацәажәатәым аҳәаа аартхаанӡа

"Аҳәаа аартра азҵаара ӡбамкәа аԥсшьаҩцәа арахь раара алацәажәара аԥсаны исыԥхьаӡом. Ҳарзыԥшуп атуроператорцәа ирҳәо ҳәа. Краснодартәи атәылаҿацә анаартхо ашьҭахь, аҳәынҭқарра аиҿцәажәарақәа мҩаԥганы ари азҵаара ӡбахароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥснытәи атуристтә фирмақәеи ҳареи иҳаман аизара, асас ԥсшьара ҳәа арахь даарцаз иарбан ԥҟарақәоу иаԥҵатәу аилкааразы, иҟаҵатәу ҳәа. Уадак аҿы аӡәы имацара дыҩнаҵаны, аҭаацәа ракәзар, зегьы џьарак иҟазаауаны, акрыфарҭақәа рҿы жәаҩык инареиҳамкәа итәаны уҳәа, еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ҳалацәажәеит. Аха ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоит аԥсшьаҩцәа арахь иаанӡа атест иахысны ачымазара шрымам атәы зҳәо ашәҟәы рыцымкәа рыдкылара мап ацәкызарц. Уи ҳаргьы ҳхы алаҳахьчоит. Аԥсшьаҩы даар ҳҭахуп, аха иҟоу ашәарҭарагьы еилкаатәуп", - ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: