Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8894 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 326 448-ҩык акоронавирустә инфекциа рымоуп 85 регион рҿы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 8894 коронавирус хҭыс ҿыц аҭыԥ аман ҳәа аанацҳауеит COVID-19 иаҿагылан ақәԥаразы Москва аоперштаб.

Ичмазаҩхаз рҟынтәи 42,2% ачымазара аҟазшьақәа рыдубаломызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 150-ҩык. Ргәы бзиахеит 7144-ҩык, зынӡа иԥсхьеит 3249-ҩык, ргәабзиара шьақәгылахьеит 99 825-ҩык.

Аԥсны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперштаб лаҵара 21 азтәи адыррақәа рыла ареспубликаҿ апандемиа ааҟалазар 25-ҩык чмазцәахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит, фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>