Арадио

Ҷкотуа: Лыхны афымцатә цәаҳәақәа џьара-џьара акы иаԥсамкәа иҟоуп

Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Ҷкотуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Ҷкотуа: Лыхны афымцатә цәаҳәақәа џьара-џьара акы иаԥсамкәа иҟоуп

Лыхны 2000 ҭӡы рҟынӡа ыҟоуп, 8000-ҩык ауаа ықәынхоит. Иахьатәи аамҭазы дара зегьы ируалу акоуп – алаҵара, аарыхра ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа арадиоефир аҿы. Иара иажәакәа рыла, ақыҭаҿы иҟоуп анаплыхқәагьы ҟазҵо, акалаҭқәа, аԥацхақәагьы зыргыло.

Ақыҭа ахада Лыхны ауааԥсыра зыргәамҵуа уадаҩраны иазгәеиҭеит афымцалашареи аӡымҩангагақәеи рызҵаара.

"Ақыҭаҿы афымцалашара аганахьала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥыргахьо ыҟоуп, аха еиҳараҩык еиҭа ари азҵаара иаргәаҟуеит. Лыхны ақыҭа дууп, иаҵанакуа абжьарақәа рацәоуп, џьара-џьара афымцатә цәаҳәақәа 40 шықәса ҵуеит иԥсахмыижьҭеи, еиҵыҵны, акгьы иаԥсам иҟоуп, иара алашара амчхарагьы уи иахҟьаны аҩнаҭақәа рҿы имаҷуп. Аӡымҩангагақәа рганахьалагьы ауадаҩрақәа ыҟоуп, џьара иҟауҵар, даҽаџьара иԥжәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷкотуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: