Арадио

Чачхалиа: Симон Канатәи зшьапы икыз ауп иахьагьы Аԥсны ақьырсианра иҳамоу

Ашәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Симон Канатәи имшныҳәа аԥсуа жәлар рзы ҵакыс иамоу атәы.
Sputnik

"Ақьырсианра ахацыркыҩцәа иреиоуп Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәии. Даара кыр зҵазкуа хҭысуп аԥсуаа ҳзы Симон Канатәи ара иаанхара, адунеижәларбжьаратәи адинхаҵараҿгьы. Уи еимактәыс аӡәгьы имам. Иара усҟан зшьапы икыз ауп Аԥсны иахьагьы ақьырсанра ҳәа иҳамоу, уи иаҿганы иааҳго амцажәлагьы. Хҭыс дууп ииашаҵәҟьаны, насгьы уаҩы излаихамышҭшагьы Симон иҟаиҵаз, дзықәшәаз, иара инысымҩа уазхәыцуазар, иара ичараҿоуп Иаса Қьырса раԥхьатәи ассир ахьыҟаиҵаз. Аҩы анынҵәа иара днеины аӡы зҭаз аԥҳалқәа днархагыланы иҩыитәит. Ари аӡыргара зҭаху усуп. Уаанӡа иҟаз иҿыцәааит. Аԥсны иаадыруазароуп егьырҭ аԥшьацәагьы ҳтәыла зыхьыӡ адҳәалоу, уи ӡыргалатәуп. Ауаа уи рылаҵәаразы иахәҭаны исыԥхьаӡоит ауаҩы днеины аԥшьацәа рыӡбахә атәы иаҳар ахьилшо аҭыԥқәа, уаанӡа иҟан амҽышатәи ашколқәа, иахьагьы ус иҟазар цәгьамызт ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чачхалиа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: