Арадио

Ҳаразиа арепатриациа азҵаара иазкны: жәлар рдипломатиагьы аус арутәуп

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аилак ахықәки, уи инанагӡо аус ԥхьаҟа агаразы аиҳабыреи жәлар рдипломатиеи русура шибо атәы.
Sputnik
Ҳаразиа арепатриациа азҵаара иазкны: жәлар рдипломатиагьы аус арутәуп

Аԥсны ахада иусԥҟала лаҵара 21 рзы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵан Вадим Ҳаразиа. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы мшаԥы 28 рзы еиҿкаан Адемографиеи арепатриациеи рминистрра аиҭакрала. Ари аусбарҭа иадыз афункциақәа рыхәҭак адҵан ҿыц иаԥҵаз Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра.

Ҳаразиа: Аԥсуа-абаза жәлар ахьынхозаалак, аимадареи аусеицуреи рыбжьазароуп

Вадим Ҳаразиа уажәаԥхьагьы (2015 ш. мшаԥы инаркны 2017 ш. ԥхынгәынӡа) арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы напхгара аиҭон. Ааигәанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы ахаҭарнакс дыҟан.

"… Хышықәса инарзынаԥшуа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа хеилакқәа рфедерациеи Нхыҵ-Кавказ егьырҭ ахаҭарнакрақәеи, убасгьы Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳареи ҳажәҩахыр еидкыланы аус еицаҳуан. Хықәкыс иҳамоу, хымԥада, ҳбызшәа, ҳҵас, ҳапсуара, ҳқьабз реиқәырхара, ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалакгьы аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара ралархәра, ари аус аҟны еицаҳзеиԥшу аҳәынҭқарратә политика амҩаԥыгара ауп.
Ихадоу - ари аус удыруеит ҳәа акәӡам, аҳәынҭқарра аганахьала ахаҵгылара, адгылара ауп. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак ахан, ари ахәышҭаара адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы иртәуп. Ари ахырхарҭаҟны аусура еиҳау аидеа ыҟаӡам иахьазы. Аминистррақәа зегьы ҳаидгыланы аус еицаҳуроуп. Асоциалтә политика, ашәарҭадара азҵаарақәа даара иазҿлымҳауп аҳәаанырцә инхо хџьынџьуаа. Ҳаҩныҵаҟа ҳҳәоу еиқәшәаны ҳаҽҳарҽеироуп, хәыҷык агәыбылра ааҳарԥшыроуп, жәла-жәлала ҳхәыҷқәа ҳрышьҭалароуп, иаҳбароуп, ҳиҳабацәа ақыҭақәа рҟынтәи аимадара рыбжьаҵаны араантәи уахь ицо, уаантәи арахь иаауа иахьсзыҟамҵаз сгәы иалоуп, абри аҭахуп ауаажәларратә дипломатиа. Еиҳарак ауаажәларратә дипломатиа аус амур, ас ҳшаҿу ала аамҭа цоит, аимадара ҳацәцоит", - иҳәеит Ҳаразиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: