Арадио

Багаҭелиа "Кәыдры" азы: акарантин ашьҭахь ҭакԥхықәрала аҽазыҟаҵарақәа ҳрызнеироуп

Гәылрыԥшь араион аҟны еиҿкаау ансамбль "Кәыдры" асахьаркыратә напхгаҩы Омар Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит арҿиаратә коллектив аусура апандемиа шаныԥшыз.
Sputnik
Багаҭелиа "Кәыдры" азы: акарантин ашьҭахь ҭакԥхықәрала аҽазыҟаҵарақәа ҳрызнеироуп

Акәашаратә ансамбль "Кәыдры" еиҿкаан 2006 шықәсазы, ақәгыларақәа мҩаԥнагоит 2008 шықәса раахыс. Уи асахьаркыратә напхгаҩы иажәақәа рыла, еиднакылоит 120-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа, дара х-гәыԥкны рҽыршоит. Агәыԥ Аԥсны анҭыҵ изныкымкәа ақәгыларақәа мҩаԥнагахьеит, иара убас аицлабрақәа рҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааннакылахьеит.

"Аҽазыҟаҵарақәа ҳзымҩаԥгаӡом атагылазаашьа иахҟьаны (акоронавирус аҽацәыхьчаразы аԥкрақәа инарымаданы - аред.), аха егьыс аимадара ҳабжьоуп, ргәы касыжьуам. Ахәыҷкәа реизгара шьҭа ицәгьахоит, аха азин ҳарҭар уи ҳалагоит, ҳаԥхьа ишьҭоуп Нури Кәарҷиа еиҿикаауа аицлабра "Аӡыхь", акостиумқәагьы аӡахра иаҿуп. Акарантин ҟалаанӡа аныҟәарақәа ҳаман, ҳгәы иҭан Аиааира ду аныҳәа ҳхы алаҳархәырц Москва араионқәа руак аҟны. Уи ауснагӡатә еиҭаргеит шьҭа цәыббрамзахь, иаҳзыԥшуп. Аусура ҳцәырҵыртә иҟалар, аҽазыҟаҵарақәа ҭакԥхықәрала ҳрызнеины ҳалагароуп", - иҳәеит Багаҭелиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: