АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8 915 коронавирустә хҭыс ҿыц 83 регион рыҟны.
Иаарԥшыз апациентцәа рахьтә 41,1% ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуеит.
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус змаз 174-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 12 331-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 3 807-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 131 129-ҩык.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә жәохәҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҳтәылауаа Қырҭтәыла рҽыхәышәтәра ашьҭахь Аԥсныҟа ихынҳәыр ҟалоит
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа COVID-19 змаз даҽа пациентк дҭырҩааит