Иҭоурыхтәу аиԥылара: Crew Dragon аекипаж МКС ахь ииасит

Америкатәи астронавтцәа Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҿ аԥсшәа раҳәо дырԥылеит акомандир Крис Кессиди.
Sputnik

SpaceX иатәу акосмос ӷба Crew Dragon аекипаж Жәларбжьаратәи акосмостә станциахь ииасит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Crew Dragon аԥхьа инижьит Боб Бенкен, уи ишьҭахь – Даг Херли.

Акосмостә ӷбақәа реидылара мҩаԥысит асааҭ 17:30 (мск) рзы. Аҳауақәыӷәӷәара анышьақәдыртәа ашьҭахь, МКС акомандир Крис Кессиди абжьаларҭа ашә ааиртит, абри ашьҭахь аӷба алиукгьы аартны астанциахь аекипаж риасра мҩаԥысит.

Кессиди идагьы астронавтцәа ирԥылеит урыстәылатәи акосмонавтцәа Анатоли Иванишини Иван Вагнери. Дара астанциахь инеит мшаԥымзазы.

Crew Dragon Флорида иҟоу Канавералнтә ишьҭыԥрааит асабша. Аԥхьатәи аԥышәаратә ԥырра мҩаԥыргеит астронавтцәа Даг Херлии Боб Бенкени.

Ари аҭоурых аҿы раԥхьатәи ауаа злахәу ахатә еилахәыра имҩаԥнагаз ԥырроуп. Уи адагьы ЕАА 2011 шықәса раахыс МКС ахь растронавтцәа рышьҭуан урыстәылатәи акосмостә ӷба "Союз" ала.

Астронавтцәа МКС иаанхоит 3-4 мза. Адгьыл ахь рыхынҳәра арыцхә макьана иалацәажәам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: