Азин ахьчараз: Америка имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа

Аполициа аусзуҩцәа дааныркалеит афроамерикауаҩ Џьорџь Флоид, иара сааҭқәак рышьҭахь ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит. Флоид иаанкылара шыҟаз атәы узырбо авидео асоциалтә ҳақәа рҟны ианцәырҵ ашьҭахь, ауааԥсыра ргәынамӡара аадырԥшуеит, аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

Асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит ақалақь Миннеаполис аҟны дшаанкылаз афроамерикауаҩ Џьорџь Флоид. Аҭыхымҭаҟны иубарҭоуп аполициа аусзуҩцәа Флоид адгьыл дышьҭаҵаны, анапеидҳәалагақәа шихарҵоз, афицарцәа руаӡәы иаанкылаз ихәда шьапыла дақәгылеит. Иаанкылаз ауаҩы изныкымкәа иҳәеит иԥсыԥ алагаҩагара шицәыуадаҩу, уи ашьҭахь иԥсы маҷхеит. Флоид ахәышәтәырҭахь днаган, ԥыҭрак ашьҭахь ареанимациаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Америка атәылахьчара аминистрра аҿагыларатә акциақәа раанкыларазы Вашингтонҟа идәықәырҵеит 1,6 нызқьҩык аруаа.

Америка ақалақьқәа рҟны акомендантә сааҭ алагалоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: