Америкатәи ахҭысқәа: ЕАА 350 қалақь рҟны аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеит

Америка атәылауаа аполициа аусзуҩцәа рымч ахархәара аанкыларазы аҿагыларатә акциақәа мҩаԥыргоит. Урҭ рхыԥхьаӡара 350 нызқьҩык иреиҳауп.
Sputnik

Акциа алахәылацәа ҭынч рхы мҩаԥыргом: адәкьанқәа ирыҩналаны аԥара ргоит, асаркьақәа ԥырҽуеит, ахәаахәҭратә ҩнқәа ирыҩналаны идырҳәуеит.

Америка имҩаԥысуа аҵыхәтәантәи ахҭысқәа RT аматериал аҟны.

Асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит ақалақь Миннеаполис аҟны дшаанкылаз афроамерикауаҩ Џьорџь Флоид. Аҭыхымҭаҟны иубарҭоуп аполициа аусзуҩцәа Флоид адгьыл аҿы дышьҭаҵаны, анапеидҳәалагақәа шихарҵоз, афицарцәа руаӡәы иаанкылаз ихәда шьапыла дақәгылеит. Иаанкылаз ауаҩы изныкымкәа иҳәеит иԥсыԥ алагаҩагара шицәыуадаҩу, уи ашьҭахь иԥсы маҷхеит. Флоид ахәышәтәырҭахь днаган, ԥыҭрак ашьҭахь ареанимациаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Америка атәылахьчара аминистрра аҿагыларатә акциақәа раанкыларазы Вашингтонҟа идәықәырҵеит 1,6 нызқьҩык аруаа.

Аҿагыларатә акциақәа мҩаԥысуеижьҭеи аполициа аусзуҩцәа жәа-нызқьҩык ауааԥсыра ааныркылахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: