Арадио

Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны аҵиаақәа рыхәшәтәра иахьынӡазхиоу атәы

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рылагара иахьынӡазхиоу атәы.
Sputnik
Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны аҵиаақәа рыхәшәтәра иахьынӡазхиоу атәы

"Амармалташьтә пты зшьуа ахәшәқәа 650 литра ҳауит Гәдоуҭа араион. Уи аԥхьа иҟаҳҵаз аҳәара ала, нас иҵегьы ҳҭаххар иҳарҭоит. Иахьа иналак-аалакны ақыҭақәа рҟны иахьырбо аҭаацәарақәа ахәшә ақәҭәара иаҿуп. Апальматә бжы зшьо ахәшә 60 литра ҳауит 1000 шьапы ирызхаша Гәдоуҭеи Афони. Аҩашазы ҳаицәажәаны ҳаҟоуп, маҭәахәыла еиқәҳаршәоит, ахәшә ақәаҳҭәоит. Гәдоуҭа ауаажәларратә ҳәа иԥхьаӡоу аҭыԥ аҟны игылоу 23 пальма ҵла роуп, даҽа 363 шьапы ауаа рыҩны аԥхьа, ргәарԥ аҿы игылоуп. Ҳара иаҳуалу - ус аҵлақәа змоу ҳдыруеит, рҭел ҳасны ираҳҳәоит, иааины иргоит, иақәырҭәоит. Ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны ауп ҳусзуҩцәа иахьақәырҭәо. Гәдоуҭа араион аҟны макьаназы ус еиԥш ачымазара ыҟам, апрофилактикатә хәшәтәрақәа мҩаԥаагоит", - иҳәеит Кәарцхьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: