Аҳәба: акаҭран ақәҵаразы ашоурақәа – иреиӷьу аамҭоуп
© Sputnik
"Мчыбжьык ҵуеит Аҟәа амҩадуқәа рқәыршәра ҳаҿуижьҭеи. 61 тонн акаҭран ааҳгахьеит Гәдоуҭантәи. Еиҭа иҟаҵатәу амҩақәа рацәоуп. Акаҭран ақәҵаразы ашоурақәа – иреиӷьу аамҭоуп. Мышкы жәохәҩык аус аауеит, амҩа рыцқьаны иазырхианы иҟазар, ҽнак х-машьынак ықәаҳҵартә ҳаҟоуп, аха акаҭран аагара аус аамҭа рацәа агоит. Уи адагьы амҩаду ақәыршәразы иазыҟаҵатәуп. Аҳҭнықалақь аҿы ҳамҩақәа ажәуп, дара акапиталтә ремонт рзуразы аамҭа рацәа аҭахуп. Аӡышьҭрақәеи аӡымҩангагақәеи зегьы ԥсахны ауп акаҭран ҿыц ианықәҵатәу", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ацәхыԥқәа рыда, алашара ақәырԥханы: Аҟәа аԥшаҳәаҿы абульвар мҩа шьҭарҵоит