Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы аҿагыларатә акциақәа еиқәтәом

Зықьҩыла адемонстрантцәа амҽышаҽны Вашингтон амҩадуқәа рахь икылсит, цәаԥшшәахәыла ауаа реилыхра аҿагылара аҭо, аполициа ҩымчыбжьа раԥхьа Џьорџь Флоид даныршь ашьҭахь.
Sputnik

Ауаа ныҟәарыла ақалақь иалсит, ихадароу аусбарҭақәа рхыбрақәа Капитоли, Аказначеира, Аҩны шкәакәа иара убасгьы ааигәа зыхьӡ рыԥсахыз ашҭа Black Lives Matter ("Аиқәаҵәақәа рыԥсҭазаарагьы аҵакы амоуп" - аред.) рҿаԥхьа иаангыло.

ЕАА ақалақьқәа жәпакы рҿы Миннеаполис аполициаа афроамерикауаҩ Џьорџь Флоид даныршь ашьҭахь аҿагыларатә акциақәа ирылагеит. Аинтернет аҿы ицәырҵит авидео – аполициаа Флоид дкажьны, инапқәа ҿаҳәаны, хҩыкны ишиқәтәаз. Урҭ руаӡәк иара дихәаҽуан шьамхыла. Флоид авидео аҿы изныкымкәа иҳәеит иԥсыԥ шизымго, нас ибжьы агара иаҟәыҵуеит. Иара ареанимациаҿ иԥсҭазаара далҵуиет.

Ақәгыларақәа рышьҭахь ԥышьҩык аполициаа аусура иамырхуеит, аӡәы ауаҩшьразы ҳәа ахара ихарарҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: