Арадио

Ҵәыџьба: ҳмандаринақәа ибзиан ишәҭит, уи ҳгәалаҟазаара шьҭнахуеит

Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу асовхоз "Софиа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амандаринаҭраҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik
Ҵәыџьба: ҳмандаринақәа ибзиан ишәҭит, уи ҳгәалаҟазаара шьҭнахуеит

"Ҳмандаринақәа ибзиан ишәҭит, уи ҳгәалаҟазаара шьҭнахуеит. Актәи ахәышәтәра ҳалгахьеит. Уажәы рышьаҭақәа архра ҳаҿуп. Иҳамоу аԥышәала, агрономцәагьы уи азгәарҭоит, сынтәа 700 тонна рҟынӡа аҽаҩра шԥаҳмоури ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Хьаас иҳамоу иарку аҳәаа ауп, аха уигьы амандарина аамҭа аиаанӡа иаатәып ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҵыԥхтәи аҽаҩра атәы ҳҳәозар, 250 тонна рҟынӡа ҿаҳхит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба.

Абаҳча аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит амандаринаҭра арҿыцра аус шцо атәгьы.

"Сынтәа амандаринақәа ҿыц реиҭаҳара ҳалымшеит, аха егьырҭ ашықәсқәа раан уи аусура ибзиан имҩаԥган. Зынӡа жәабаҟа нызқь шьаҭа алеиҭаҳан иҳамоуп. Иааидкыланы 60 нызқь шьапы ыҟоуп ҳәа адырра ҳамоуп, зегьыҵәҟьа ԥхьаӡашьа амам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: