Арадио

Аҩӡба нхарҭала аиқәыршәаразы аҳәынҭқарратә программақәа рзы: ишыҟало аҳәара уадаҩуп

Нхарҭала аиқәыршәаразы аҳәынҭқарратә программақәа рыла шаҟаҩы нхарҭала еиқәыршәоу, ироуз ауадақәа зеиԥшроу, апрограммақәа рызҵаара иахьазы ишыҟоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажурналист Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба нхарҭала аиқәыршәаразы аҳәынҭқарратә программақәа рзы: ишыҟало аҳәара уадаҩуп

"2019 шықәса алагамҭазы ҩ-программак русура хацыркын. Урҭ руак ала анҳарҭа ҭыԥ зауа руадақәа маҷ-маҷ ахә ахыршәаауеит есымза, егьи аҩбатәи апрограмма "Анхарҭа - 2021" захьӡу иалахәу анхарҭа ироуа акгьы ахыршәааӡом… Ҵыԥх иалагӡаны "Хазы игоу акатегориақәа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара" апрограммала 49 арзаҳал рҟынтәи 12 ҭаацәара ауадақәа рыҭан. Ус еиԥш ауада зауз Инна Шьоууаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит акыр шықәса инеиԥынкыланы рҭаацәа қьырала ауадақәа шамырхуаз. Ари апрограммала 500 нызқь мааҭ роуит арзаҳал зҩыз, иара убас 100-100 нызқь мааҭ аҭаацәа алахәылацәа рыцыԥхьаӡа. Аԥара рнапаҟны ирырҭаӡом, ауадақәа зҭиуеи дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит, Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи аминистрра ахә ахнашәаауеит.

Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит анхарҭатә программа хра аман иахьынӡаҟоу аҭҵааразы

Асертификат ала ауадақәа рыԥшаара цәгьан рҳәеит сзыҿцәажәаз, избанзар рыхәқәа дууп. Ауадақәа аиҭашьақәыргылара зҭахым ракәӡам, иҟоуп џьара шәык, ԥенџьырк ахьҿаҵатәу, аҩнуҵҟатәи аусурақәа ахьыҟаҵатәу. Дара уигьы иеигәырӷьоит, иазгәарҭон шьҭа дара ишыртәу рдыруеит, маҷ-маҷ аус адырулоит ҳәа. Иахьа ауадақәа змами аҳәынҭқарра алшарақәеи еимараӡам. Шәҩыла ауаа арзаҳалқәа аларҵоит. Актәи апрограммала 300 инарзынаԥшуа арзаҳал ыҟан, егьи - 200 инарзынаԥшуа. Ауадақәа зауз рхыԥхьаӡара акырӡа еиҵоуп, аха иага ус иҟазаргьы маҷ-маҷ ари азҵаара аӡбара амҩа иахьанылаз иашоуп ҳәа рыԥхьаӡоит ҳзацәажәоз. Аԥхьаҟа арҭ апрограммақәа шыҟало аҳәара цәгьоуп, избанзар уажәы ишыҟоугьы рынагӡара ауам афинанстә ҭагылазаашьа иахҟьаны… Аԥыза-министр адҵа ҟаиҵеит арҭ аҩпрограммак русура алҵшәақәа рыҭҵааразы. Ауаа арҭ апрограммақәа ирылахәхарц зҭаху иақәгәыӷуеит ишрыцҵахо", - иҳәеит Аҩӡба.

2020 шықәса хәажәкырамзазы нхарҭала аиқәыршәаразы аҳәынҭқарратә программақәа рахь арзаҳалқәа ралаҵара аанкылоуп атәылаҟны афинанстә ҭагылазаашьа иахҟьаны. "Анхарҭа - 2021" апрограммала 318 арзаҳал алаҵан 2019 шықәсазы. Урҭ рахьынтә аҳәынҭқарратә аусбарҭабжьаратә комиссиа 42 арзаҳал алазҵаз нхарала реиқәыршәара иақәшаҳаҭхеит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: