Арадио

Гәбаз: абаҳчаҿы иахьа ишәҭны ибыбышӡа игылоу, улақәа хызкуа даара ирацәоуп

Аҟәатәи Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иарбан усурақәоу уажәы уаҟа имҩаԥысуа, насгьы аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара шырныԥшуа атәы.
Sputnik
Гәбаз: абаҳчаҿы иахьа ишәҭны ибыбышӡа игылоу, улақәа хызкуа даара ирацәоуп

"Ачымазара ҟалеижьҭеи Аботаникатә баҳча аркуп, аха ҳара аус шаауц иаауеит. Анаука аусзуҩцәа аушьҭуп, аха аботаникатә баҳча аҩнуҵҟа аҵиаақәа реиҭаҳара уҳәа убарҭқәа зегьы ҳарҿуп. Аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара даара иаҳныԥшуеит. Избанзар аусзуҩцәа ироуа ауалафахәы даара имаҷуп, аԥсшьаҩцәа рыла иҳарҳауа дара руалафахәы иацаҳҵон. Аха агәыӷра ҳамоуп макьана аԥсшьаҩцәа ҟалап ҳәа. Егьыс аботаникатә баҳча азхиоуп асасцәа рԥыларазы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәбаз.

Уажәааны ишәҭуа аҵиаақәа даара ирацәоуп, дара убла хыркуеит ҳәа азгәеиҭеит Аботаникатә баҳча аиҳабы.

"Уажәы еиҭаҳҳауа ашәҭқәа шықәсык зхыҵуа роуп, егьырҭ иахьа ишәҭны ибыбышӡа игылоу, улақәа хызкуа даара ирацәоуп. Еиҳарак урҭ атәым дгьылқәа рҟынтә иаагоу роуп, аҭыԥантәи аҵиаақәагьы шьҭа ашәҭра рҽазыркуеит. Аӡы иху ашәҭқәагьы шәҭхьеит, аӡҭачқәа ԥшӡаӡа иҟоуп, урҭ цәыббрамзанӡа ашәҭра иаҿызаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәбаз.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: