Арадио

Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа

Ажурналист Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны ахы-аҵыхәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа раҭаара хықәкыс изышьҭылхыз, лныҟәарақәа дышрылагаз.
Sputnik
Жьиԥҳа: ҳахәмарны аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит – Аԥсны зехьынџьара иҳамбакәа ҳшымԥсуа ҳәа

"Аԥсны хәыҷуп ҳҳәоит аха, уалсуа уалагар – идуӡӡоуп. Ҩышықәса раԥхьа сҩыза Зарина Коӷониеи сареи ҳалсны абара ҳхы иадаҳҵеит, аинтересгьы ҳамоуп, избанзар Аԥсны анҭыҵынтә иаҳзаауа аҩызцәа рацәоуп. Урҭ есышықәса сасра ианаҳзаауа азҵаарақәа рацәаны иқәдыргылоит, абри иарбан қыҭоу, инхода, анкьа ари аҭыԥ аҟны иҟази ҳәа. Аиашазы, зны-зынла иуҳәо уҿамшәо уанаанхогьы ыҟоуп. Убри ҳмыхьырц иҳаӡбеит, ҿаҭахьангьы ҳахәмарны иҳақәаҳҵеит Аԥсны ахы-аҵыхәа зехьынџьара ҳамнеикәа ҳаԥсӡом ҳәа", - лҳәеит Жьиԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит убасгьы Анхәа ақыҭан изҭаатәу, ибатәу, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа иреиуоуп ҳәа зылԥхьаӡо атәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: