Арадио

Аусдкылаҩ Аҩӡба: ҳаҭирақәа маҷхеит, аха аӡәгьы дамҳамхӡеит

Ишԥаныԥши Аԥсны аргыларатә маҭәахәқәа рыла ихәҳаахәҭуа аусдкылаҩцәа рус адунеи зегь аҿы иҟоу аԥкрақәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәет анаплакҩы Ильҳами Аҩӡба.
Sputnik
Аусдкылаҩ Аҩӡба: ҳаҭирақәа маҷхеит, аха аӡәгьы дамҳамхӡеит

"Ҳаҭирақәа зынӡа имаҷхеит. Ари ачымазара зегьы ҳаршәеит. Уаанӡа ҽнак иалагӡаны 15-ҩык рҟынӡа иааиуазҭгьы, иахьа хҩык роуп иаҳбо. Аҳәаа аҟнытә акгьы ааҳгаӡом, ҳҩызцәа адырра ҳарҭеит уаҟа ауадаҩрақәа шыҟоу. Ҳтауар амшын ала иааҳгоит, убри азы уадаҩрак ҳәа акгьы ҳамам. Аҳәынҭқарра аҟнытә ацхыраара ҳәа акгьы ҳмоуит, аха иагьҳԥырхагамхеит. Ахәҳаахәҭра маҷхеит ҳәа ҳара ҳҿы аус зуаз аӡәгьы дамҳамхӡеит, ҳҭыԥқәагьы аҳмыркӡеит. Излаҳалшо ала иага иаҳзыфеидамзаргьы ҳахьыҟац ҳаҟоуп. Акгьы ҳмырҳауазаргьы иҳачҳауеит, абранӡагьы ҳааихьеит. Аҳәынҭқарра аганахьала иҳаҩсыз аамҭазы абаџь иаҳшәаран иҟаз аамҭа ааины иҟан, аха ҳҭагылазаашьа еилкааны иҳарҭеит аамҭа иаҳшәарцаз. Аҳәынҭқарра амч рыманы иҟазҭгьы, ацхыраарагьы ҳарҭарын ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.