Урыстәыла  8 246 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Иахьазы зынӡа Урыстәыла иахьаҵанакуа  537 210 коронавирус инфекциа аҭыԥ рымоуп 85 регион рҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыҩныҵҟала Урыстәыла иаарԥшуп 8 246 коронавирустә хҭыс ҿыц 83 регион рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Путин: Урыстәыла апандемиа иалҵуеит цәыӡ маҷла

Уахыки-ҽнаки ирылагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит 143-ҩык, ргәы бзиахеит 4 489-ҩык. Зынӡа иааидкыланы иԥсхьеит 7 091-ҩык, ргәы бзиахахьеит  284 539-ҩык.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла авирус рыдбалан 72-ҩык.

Аԥсны COVID-19 рцәа иалоуп 37-ҩык. Жәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахахьеит, аӡәы дыԥсит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>