Арадио

Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы аусзуҩцәа рзы: хатәгәаԥхарала зегьы ԥсшьара ицеит

Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы Мирон Чалмаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара COVID -19 алаҵәаразы ашәарҭара иахҟьаны Аԥсны иалагалоу аԥкрақәа раан аҳаԥы амаҵ азызуа русура шеиҿкаау атәы.
Sputnik
Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы аусзуҩцәа рзы: хатәгәаԥхарала зегьы ԥсшьара ицеит

"Иахьа апандемиа аныҟоу аамҭазы аҳаԥы аусура аанкылоуп. Хәажәкыреи мшаԥи рзы аусзуҩцәа ауалафахәы рызшәан. Лаҵарамза 1 инаркны аҳаԥы амаҵ азызуа ҳәа хҩык аилыргаҩцәеи ԥшьҩык ахьчаҩцәеи аанҳажьит, ауалафахәы уаҳа аӡәгьы иоуӡом. Ус аҳаԥы анапхгара ҳнеиуеит, ҳааиуеит акәымзар, аҳәаа аартны аԥсшьаҩцәа дәықәлаанӡа аус ҳауӡом. Аԥыза-министр ҳаизганы иҳаиҳәеит аҳәаа аартра мчыбжьык-жәамш шыбжьоу адырра ҟаҵахоит, аҳаԥы аусура аҽазыҟаҵаразы ҳәа. Уи аамҭа ҳазыԥшуп зегьы. Ауалафахәы азҵаара аанкыларазы аизара мҩаԥаҳгеит, аколлектив 150–ҩык ҳаҟоуп, зегьы хатәгәаԥхарала ԥсшьара ицеит", - иҳәеит Чалмаз.

Иара иазгәеиҭеит апандемиа зегьы ааха шырнаҭаз, аҳаԥы аусзуҩцәагьы уи шеилыркаауа.

"Ҳамацара ҳакәӡам, зегьы аԥырхага рнаҭеит ари аҭагылазаашьа, ҳаргьы иҳачҳап, ҳақәгәыӷуеит Аԥсны ачымазара ҟамлап ҳәа", - иҳәеит Чалмаз.

Иара иажәақәа рыла, ҵыԥх аҳаԥы аҳәынҭқарратә биуџьет иаланагалеит 50 миллион мааҭ инацны, сынтәатәи ашықәс азы акәзар - 15 миллион мааҭ иназынаԥшуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: