Урыстәыла иазгәаҭоуп 7843 коронавирустә хҭыс ҿыц

Ҩымш ирықәуп Урыстәыла аҩнуҵҟа акоронавирустә хҭысқәа лаҟәуеижьҭеи. Ашәахьаҽны 1,6% рыла илаҟәит, аҩаша – 1,5%.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа COVID-19 хҭысқәа 8 нызқь аҟынтәи 7843 рҟынӡа илаҟәит. Зынӡа 553 301 хҭыс аҭыԥ рыман ҳәа ажурналистцәа адырра рырҭеит аоперативтә штаб аҿы.

"Урыстәылатәи Афедерациаҿы ашәҟәы иҭагалан 553 301 вирустә хҭыс (+1,4%) 85 регион рҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уахыки-ҽнаки рыла 7843 коронавирустә инфекциа ҿыц ицәырҵит 84 регион рҿы иазгәаҭан, клиникатә рбагада — 2494 хҭыс ( 31,8%).

Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Жәаҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>