Ахәыҷқәа рҟны акоронавирус злаудыруа аҟазшьақәа алкаауп

Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҿы 7,9 миллионҩык акоронавирус рыхьит, 434-нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Ашоураҭаршәра, адатра, аҿыхра – еиҳа иҷыдаҟазшьаны ироуеит акоронавирус змоу ахәыҷқәа. Аҭҵаарақәа кьыԥхьын аҭыжьымҭа PLoS Medicine аҿы.

"Аиҭар" аҿы адисциплина еилазгоз ҷыдала ашьклаԥшра рыҭахоит

Аҭҵаарақәа мҩаԥыргон Мраҭашәаратәи Китаи ахәышәтәырҭақәа ԥшьба рҿы.

Ичмазаҩыз рҟынтәи 76 процент рҟны раԥхьа ирыдбалаз ашоураҭаршәра акәын. Аиҿырԥшраз адуцәа рҟынтәи 44 процент роуп издырбало.

62 процент ахәыҷқәа аимҳәа ӷәӷәа роуеит, 12 процент – адатреи аҿыхреи. Аҟазауаа ишырҳәо ала, арыԥҳатә проблема нас ауп ианцәырҵуа.

Аԥсны иахьазы акоронавирус рыдбалоуп 38-ҩык. Жәаҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, апациентцәа руаӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>