Арадио

Ҭаркьылԥҳа: Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иаку ахәылԥаз аиҿкаара ҳазыхиам

Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақьтә школқәа роушьҭымҭацәа рзы еизаку ахәылԥаз аиҿкаара ишазыхиам.
Sputnik
Ҭаркьылԥҳа: Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы иаку ахәылԥаз аиҿкаара ҳазыхиам

"Ашколкәа зегьы рҿы аушьымҭацәа рзы имҩаԥысит актәи аԥышәара, ахатәы бызшәа аҩразы. Аҟәа ақалақь иҿы иҟоуп 465-ҩык аушьҭымҭацәа. Аклассқәа зегьы анорма иақәыршәаны аԥышәаракәа рымҩаԥгара иазыхиан. Жәаҩык-жәаҩык ртәаны ахәыҷқәа ҩуан. Аҩбатәи аԥышәара мҩаԥгахоит амза 23 рзы. Уи анаҩс игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аушьҭымҭацәа мацара рзы. Уи ҟалоит арыцхә 26-27 инақәыршәаны. Аклассқәа зегьы ахәылԥазгьы амҩаԥгара иазыхиам, иахьырҭаху ыҟоуп, иҟоуп иахьырҭахымгьы. Џьара ԥсабарак ахь имцозар, инеиҵыхны ахәылԥаз азгәаҭара агәаҳәара змоу маҷуп. Иахьатәи аҭагылазаашьа еилкаатәуп, ауалафахәы аганхьалагьы иазыхиам рацәаҩуп. Ҳара аҳҭнықалақь аҿы аушьҭымҭацәа зегьы еидкыланы аиԥылара рзеиҿкаара ҳазыхиам ", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Аҟәа аҵара аусбарҭа аиҳабы далацәажәеит ахәыҷбаҳчақәа раартра азҵаарагьы.

"Арыцхә акынӡа ахәыҷбаҳчақәа раартра азин ҳамаӡам. Агәыԥқәа зегьы рҿы ирацәаҩуп ахәыҷқәа, 20-ҩык ыҟазарц ахьахәҭоу 40-ҩык ыҟоуп. Урҭ ачымазара рацәыхьчара аус аиҿкаара цәгьоуп. Убри азоуп еиҳарак ахәыҷбаҳчақәа иахьа уажәраанӡагьы изарку. Иаадыруеит аҭаацәа аус шыруа, уи зегьы еилыркаауеит, аха аҭагылазаашьа макьана ашәарҭара ацуп. Иҟалап азҵаара ықәгылар, аус зуа аҭаацәа рхәыҷқәа рзы ахәыҷбаҳчақәа раартра, аус зымуа рзы иаркызарац, аха уигьы макьана зҵаароуп", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: