АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк абанкоматқәа рыла аиагарақәа зегьы аԥхынра иаалагазар ахә рыхшәаатәхалоит ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Абанк асаит аҿы иазгәаҭоуп акомиссиа зықь мааҭ ишеиҳам, асистема ҿыц рашәара 2 аахыс аус шауа.
Аԥарахсаалага змоу ирылшоит мызкы аҩнуҵҟа хәыда-ԥсада 50 000 мааҭ аԥара ииаргар, нас хәыда-ԥсадатәи анапаҵаҩра аархәар мамзаргьы транзакциацыԥхьаӡа процентк-процентк акомиссиа ршәаларц. Аха ари алимит абанкоматқәа рыла аиагара аҵанакуам.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Урыстәыла Абанк аҿы иалацәажәеит атәыла аекономика анеиҭашьақәгыло атәы