Арадио

Ҭарба ишәҭыз аиукка иазкны: ииасуа зегьы џьашьатәыс ирымоуп

Аҟәа ақалақь аҿы инхо Даур Ҭарба иҩны аҿаԥхьа еизҳауа аҵиаа – агава ҳәа изышьҭоу аа-метрак зоура цаз агәыцә ылнагеит, сынтәа иара раԥхьаӡа акәны ишәҭит.
Sputnik
Ҭарба ишәҭыз аиукка иазкны: ииасуа зегьы џьашьатәыс ирымоуп

"Ирҳәоит, аиукка 30 шықәса рахь знык ишәҭуеит ҳәа, сара сҿы еиҭаҳау иахыҵуеит 12 шықәса. Иара аҵиаа аҟынтә ҳнапала еиҭаҳҳаз ауп, иҟоуп еиҳаугьы, аха уи мышәҭӡеит. Зыӡбахә ҳамоу аҵиаа еинылеит ибзиан, адгьыл анаалеит. Ишәҭуеижьҭеи шьҭа мызк ҵуеит, аҵиаа еиҭа азҳара иаҿуп, урыла аа-метрак рҟынӡа инеихьеит, аха ашәҭқәа еиҭа аартара иаҿуп. Ианымышәҭуа аҵиаа ахаҭа метракгьы иҟаӡам. Иукка анышәҭлак ашьҭахь аԥсҭазаара иалҵуеит рҳәоит, аха макьана сыбла иамбац, анаҩс ҳахәаԥшып. Ииасуа ауаа џьашьатәыс ирымоуп "иабанӡацеи ажәҩан иалалан" рҳәоит. Зынӡа аҽанаанартлак еиҳагьы иԥшӡахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: