Арадио

Ҟаитан Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы: аматериал аус адулараз интерес змоу аԥшаахқәа ҳамоуп

Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара апроект ажрақәа ретап хыркәшоуп, урҭ рылҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, археолог Шандор Ҟаитан.
Sputnik
Ҟаитан Аԥсуа Баагәара ду аҭҵааразы: аматериал аус адулараз интерес змоу аԥшаахқәа ҳамоуп

"Ажрақәа мҩаԥаагон х-ҭыԥк рҿы, Гал, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы. Абаа иадҳәалоу абаашқәа рҿы ҩыџьара имҩаԥаагоит археологиатә жрақәа - Џьгьарда ақыҭан, нас Мархьаул ақыҭан. Уа иҟаз абаашқәа иаҳа иаҳгәаԥхеит археологиатә ҭҵаара аганахьала, избанзар, уаҟа аматериал унадгылан иуоуан. Излаҳбаз алагьы даара интерес зҵаз аматериалгьы рацәаны иҭыҵит. Мархьаул ажрақәа рҿы ирацәаны иҭыҵит акыцлых шәыгала иҟоу. Џьгьарда иҳауит ахәымпал ахқәа аметалл иалху, ашәақь ахқәа, иара ахқәа зладырҭәоз аматериал, уи иаҳа икьасоу абжьаратә шәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит. Аматериал аус адуларазы даара интерес змоу аԥшаахқәа ҳамоуп. Еиуеиԥшым аинститутқәеи ҳареи аимадара ҳабжьаҳҵеит, ҳматериалқәа уахь идәықәаҳҵеит, даргьы ргәаанагарагьы ҳаҳауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: