Арадио

Џьонуа Ажара анхацәа рзы: рыцха ахьырҭиша ҳәа игәаҟуеит, аха аахәаҩцәа ыҟам

Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи аҩхаахь уназго амҩа аҭагылазаашьа, анхацәа ргәы иҵхо азҵаарақәа, уҳәа ақыҭауаа иахьатәи рыбзазашьа атәы.
Sputnik
Џьонуа Ажара анхацәа рзы: рыцха ахьырҭиша ҳәа игәаҟуеит, аха аахәаҩцәа ыҟам

Иара иажәақәа рыла, ҳаамҭазы ақыҭаҟны инхоит 70–ҩык инарзынаԥшуа, урҭ реиҳараҩык быргцәоуп.

"Хныҟәгагас ирымоу арахә, ашьхааӡара ауп. Ацха рацәаны иҳамоуп, аха иаазхәо уаҩ дҟамлеит. Аԥсны ацха аазхәо имаҷуп. Уажәы ҿыц ирԥшыз ацха ҟалоит. Иааизакны зегьы шә-тоннак раҟара ҳамоуп. Игәаҟуеит ауаа, ирҭиир рҭахуп, хәмариалагьы иурҭоит, аха аахәаҩцәа ыҟам", - иҳәеит Џьонуа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: