Аиааира Ду апарад Москва ишымҩаԥысыз

Ашҭа ҟаԥшь аҟны ихыркәшахеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз апарад. Сынтәа иара мҩаԥган рашәарамза 24 рзы, ари аҽны - 75 шықәса раԥхьа, 1945 шықәсазы имҩаԥган раԥхьатәи аҭоурыхтә парад.
Sputnik

Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира Ду апарад иалахәын 14 нызқьҩык аруаа, 234 ак арратә техника, 13 тәыла рыруаа.

Апарад хыркәшан авиациала: адесант-транспорттә вертолиот Ми-26, арратә вертолиотқәа Ми-8 ԥшьба, авертолиотқәа Ми-35 ргәыԥ, арра-транспорттә вертолиотқәа Ка-52, аҳаирпланқәа Ми-28, А-50, Ил-76, Ту-95, Ту-22, Ту-160, Ил-78 ахыԥрааны. Анаҩс аоператив-тактикатә авиациа аҳаирпланқәа ргәыԥ МиГ-29, Су-24; ажәыларатә ҳаирпланқәа ԥшьба Су-57, абжьы аасҭа иццаку авиациатә ракетатә комплекс "Кинжал" зықәгылоу аҳаирпланқәа МиГ-31 москватәи ажәҩан иаҵаԥыруан.

Апарад ашьҭахь Владимир Путини Москваҟа инеиз аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи Александровтәи абаҳчаҿ Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарахь инеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: