Арадио

Анаплакҩы Дбар еиҭеиҳәеит Бзыԥтәи аҩхааҟны ашыц аиқәырхара шрылшаз

Бзыԥтәи аҩхааҟны аус зуа анаплакҩы Гәырам Дбар арадио Sputnik аефир ала ицо арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ашыц аиқәырхара шалдыршаз атәы.
Sputnik
Анаплакҩы Дбар еиҭеиҳәеит Бзыԥтәи аҩхааҟны ашыц аиқәырхара шрылшаз

"Ахәынҭқарра аҟынтәигьы ацхыраара соуит, егьыс ҳамчала гектарк, ҩ-гектарк рҟынӡа еиқәҳархеит ашыц, амҩа иахьаԥну. Акаҳуажәырҭа "Сойка" акәша-мыкәша иҟоу ашыц зегьы хьчоуп. Апрофилактика аҳасабала ахәышәтәра ҳаҿуп иахьагьы. Шықәсык ахь ҩынтә-хынтә ахәышәтәра аҭахуп шьҭа. Уаанӡа хԥа-ԥшьба шықәса раԥхьа иаҳа ирацәаны имҩаԥаагон ахәышәтәрақәа, мчыбжьык-жәамш рыбжьара ахәшәқәа анрықәаҳҭәоз ыҟан. Иахәҭоу амыругақәа зегьы аахәаны исымоуп. Ҵыԥх хынтә-ԥшьынтә иаҳхәышәтәит, сынтәа макьана ҩынтәуп. Ахьычԥаԥыр уажәы идәықәлеит, уи ашьҭахь ахәыц цәырҵуеит", - иҳәеит Дбар.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: