Аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа: ашахтиортә ҳабла аԥшӡара

Sputnik

"Адау" Аԥсны иҟоу аӡхыҽҽақәа зегь реиҳа идууп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аура 100-метрак иреиҳауп. Аӡхыҽҽақәа Аалӡга аӡиас ашьхантә иалало аӡымахәҭа иарҿиоит, дара-дара еишьҭагылоуп. "Ирина" аура 40 метра иҟоуп. "Иԥшьоу" -38.

Аԥсшьаҩцәа рзы аӡхыҽҽақәа рахь амҩа аартын 2016 шықәсазы.

1 / 15
Ашахтиортә ҳабла Аҟармара х-ӡхыҽҽак ыҟоуп – "Иԥшьоу", "Ирина", "Адау".
Аҭыхымҭаҟны: аӡхыҽҽақәа рымҩахь арбага.
2 / 15
"Адау"- зегь реиҳа идуу аԥснытәи ӡхыҽҽоуп.
3 / 15
Аура 100-метрак иреиҳауп.
4 / 15
"Адау" инацәыхарамкәа иҟоуп даҽа ӡхыҽҽак "Ирина". Дара рахь аԥсшьаҩцәа рзы амҩа аартын 2016 шықәсазы.
5 / 15
Аӡхыҽҽақәа Аалӡга аӡиас ашьхантә иалало аӡымахәҭа иарҿиоит.
6 / 15
"Адау" ацаҟьа иагәылсуеит.
7 / 15
"Ирина" аӡхыҽҽахьы уназго амҩахәасҭа.
8 / 15
Аҟармара ирацәоуп аӡхыҽҽа маҷқәеи акәарҷҷақәеи.
9 / 15
Аӡхыҽҽақәа дара-дара еишьҭагылоуп.
10 / 15
Аалӡга аӡиаси уаҟа иху ацҳа хәыҷи убла иаахгылоит аҟармаратәи аӡхыҽҽақәа рахь уанцо.

11 / 15
"Иԥшьоу " аӡхыҽҽа аҿаԥхьа акаҳуажәырҭа аартуп.
12 / 15
Аӡхыҽҽа "Ирина" аура 40 метра иҟоуп.
13 / 15
Аӡхыҽҽа "Иԥшьоу" аура 38 метра иҟоуп.
14 / 15
Аалӡга аӡиас

15 / 15
Аӡхыҽҽақәа рахь анеира уадаҩуп – шьапыла, ма ишьҭыху машьынала унаӡартә иҟоуп.