Арадио

Аполитолог: Қырҭтәыла аҵәылаҵара иаҟәыҵӡом, аха еибашьра дук ҟарҵоит ҳәа исызхаҵом

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа азиуит аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьала имҩаԥнаго аполитика.
Sputnik
Аполитолог: Қырҭтәыла аҵәылаҵара иаҟәыҵӡом, аха еибашьра дук ҟарҵоит ҳәа исызхаҵом

Аахыҵ Уаԥстәыла анхарҭатә ҭыԥ Чорчана аҩадахьы Қырҭтәыла амчрақәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу даҽа аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥк еиҿыркааит. Уаҟа хәҩык иреиҵамкәа аполициа аусзуҩцәа гылоуп. Аҳәаа иахьаԥну аинфраструктура аҿиаразы х-километрак рҟынӡа амҩа акаҭран ықәырҵоит Бролосани (Қырҭҭәыла иҟоу ақыҭа - аред.) Чорчанеи рыбжьара, иаҭахны ианыҟала аамҭазы уи араион ахь амчқәеи ахархәагақәеи рынашьҭразы ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Қарҭ.

"Қарҭ апровокациатә политика иахьа акәӡам ианалага. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭҭәылеи Уаԥстәылеи рҳәааҟны ақырҭцәа апровокациақәа рацәаны имҩаԥыргоит. Нанҳәа, 2008 шықәсазы агеополитика аҽаԥсахыижьҭеи Қырҭтәыла ус еиԥш ахы мҩаԥнагоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала, избанзар амчхара убасҟак илаҟәны иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи ашәарҭадара аганахьала ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыхҟьаны. Абас аҵәалаҵара ҟамҵакәа аполитика уаҳа аԥсахра шамаиуа еилыркаауеит. Адунеи аҟны иддырбар рҭахуп ауадаҩрақәа рацәаны иҟоушәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала, азҵаара иӷәӷәаны иахәаԥшырц", - иҳәеит Ҳагба.

Убри аан аполитолог агәарагара ааирԥшит 2008 шықәса нанҳәазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рҩызцәа ҩаԥхьа рымҩаԥысра Урыстәыла иалнаршом ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: