Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҟны акыршықәса аиҭашақәыргыларатә усурақәа мҩаԥырымгацызт. Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса ирҭысхьоу аргылара ахыб рыԥсахит, актәи аихагылаҟны х-уадак рҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит, анаҩс урҭ зегьы иахәҭоу мыругала ирхиахоит ҳәа адырра ҟалҵеит аколлеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа.
"Ҳшыҟаз атәы аҳәара даара ицәгьан… Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыбра ажәытә аҟны ицоит, аԥенџьырқәа ашәқәа иҟақәаз иреиԥшны аҿыцқәа рыла ирԥсахуеит. Баҭал Кәабахьиа (акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аусбарҭа анапхгаҩы – аред.) дааины ибахьан, уи изҵааны аԥшшәқәагьы афомақәагьы алырхит, ахыбра ахаҿра зыԥсахуа акала ирԥсахыр имуит, ҿыцк аларымгалаӡеит", - лҳәеит Габлиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Габлиаԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь азы: хыхь-хыхь уахәаԥшуазар зегь маншәалоуп
Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи