Оҭырба еиҭеиҳәеит Афон Ҿыц иахьа иабзазашьоу атәы
© Sputnik
"Мызкы иназынаԥшуеит аус ҳуеижьҭеи, хәыҷы-хәыҷ уи ҳагәылалоит, иҳалшо ҟаҳҵоит иахьазы… Ачымазара ҿкы иахҟьаны аҭагылазаашьа зеиԥшроу зегьы еицаҳдыруа ауп. Ауахәама ааигәа иаадыртит, аҳаԥы акәзар, ашә аркуижьҭеи хымз раҟара ҵуеит, аԥсшьаҩцәа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Егьыс, ауаа ироуа ауалафахәы азҵаара акәзар, амедицина аусзуҩцәа ироухьеит, амчыбжь азы арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи ироуеит, анаҩс администрациа аусзуҩцәа. Ақалақь абиуџьет хадаратәла ихазырҭәаауа аԥсшьаҩцәа здызкыло аобиектқәа роуп. Акурорттә сезон ҟала-иҟамла амшын аԥшаҳәа, аплиажқәа ырмазеихоит, ақалақьуаа ахәыҷқәа рыманы амшын иҭалоит", - иҳәеит Оҭырба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хынҭәба еиҭеиҳәеит Галхәыҷ инхо уадаҩрас ирымоу атәы
- Аслан Бжьаниа Ҭемыр Оҭырба Афон Ҿыц ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа деиҭеит