Аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿеихгара: Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Sputnik

Иахьа Аԥсны ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит. Аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 1791-ҩык рҟынӡа инаӡоит.Жәеизаҩык медалла иалгеит. Арҵаҩцәа роушьҭымҭацәа ирзеиӷьаршьеит аԥеиԥш лашеи ақәҿиара дуқәеи. Аушьҭымҭацәагьы аганаҿ иаанмхеит, арҵаҩцәа акыршықәсазтәи рааԥсаразы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ишаԥу еиԥш, аушьҭымҭацәа ркьаҿ шкәакәақәа рҟны адныҳәаларқәеи азеиӷьшьарақәеи анырҵон. Аҵыхәтәан ажәҩан ахь аԥышҭарчқәа халарҵеит, раԥхьааҟа ирзыԥшу агәырӷьаратә хҭысқәа ирсимволны.

Акоронавирустә пандемиа иахҟьаны Аԥсны аиҳабыра ирыӡбеит хәажәкырамзазы ашколхәыҷқәа зегьы аҵараҟынтә роушьҭра, изаамҭанытәымыз аԥсшьара рыҭаны. Сынтәа аҵарашықәс хыркәшан лаҵарамза 13 рзы. Рашәара 2 рзы аушьҭымҭацәа ҩы-мчыбжьа ҳәа ашкол ахь ихынҳәит, аԥышәарақәа рҽырзыҟарҵарц. Иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны аҵараамҭа иахьагхаз азы, хә-ԥышәарак рхаҭыԥан сынтәа аушьҭымҭацәа иарҭон ҩба: ахатәы бызшәеи алгебреи.

1 / 9
Аԥсны ашколқәа рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
2 / 9
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит атәыла ашколқәа 153 роушьҭымҭацәа рзы.
3 / 9
Сынтәа ашкол иалгаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 1791-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
4 / 9
Жәаҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медалқәа роуит, аӡәы - араӡны.
5 / 9
Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ аҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.
6 / 9
Ахәыҷқәа ркьаҿ шкәакәақәа рҿы азеиӷьшьарақәеи адныҳәаларақәеи рыҩуан.
7 / 9
Аушьҭымҭацәа рырҵаҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ирыдырҵаз ааԥсаразы.
8 / 9
Арҵаҩцәагьы ахәыҷқәа ирзеиӷьаршьеит мҩамш иқәларц, раԥхьаҟа иҵегь аҵара дуқәа рҵарц.
9 / 9
Шьҭарнахыс ашкол аушьҭымҭацәа аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа еихыргоит.