Арадио

Чамагәуа Аҟәатәи афизика-техникатә институт азы: Аԥсны аԥсҭазаара аԥсҭазаашьоуп

Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҟны 50 шықәса инареиҳаны аус зухьоу анџьныр Александр Чамагәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аинстиут аиҿкаара аҭоурых, Аԥсны уи аҟалара зыхҟьаз ҳәа игәы иаанаго, иадҳәалоу алегендақәеи иахьатәи аԥсҭазаашьеи ртәы.
Sputnik
Чамагәуа Аҟәатәи афизика-техникатә институт азы: Аԥсны аԥсҭазаара аԥсҭазаашьоуп

"Алшара зцым аҿиара даара ицәгьахоит. Иахьа алшара аҟаларазы Аԥсынгьы, аинститутгьы, иарбан махәҭазаалакгьы аԥсы злаҭалаша аҭахуп. Аинститут аԥсы злаҭалаша ҳәа иаҭаху, аус зуа дныҟәгатәуп хыхьда-гәыхьда. Уаха исфо абаазгои, сҭаҳцәа зланыҟәызгои ҳәа иарбан усхкызаалак аҟны азҵаара анцәырҵуа, ҿиашьа амаӡам. Афизика-техникатә хырхарҭа аҭҵаараҟны аишәа уадтәаланы каламла иуԥшаауа даара имаҷуп аԥышәара ҟамҵакәа", – ҳәа азгәеиҭеит Чамагәуа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Аҟәатәи афизика-техникатә институт еиҿкаан Асовет Еидгыла Аминистрцәа рхеилак ақәҵарала ԥхынгәы 1, 1950 шықәсазы, иара убасгьы уи ашықәсан ԥхынгәы 13 рзы Аминистрцәа реилазаара Ихадоу Актәи Аусбарҭа иҟанаҵаз Адҵала. Аинститут еиҿкаан Аҟәа ақалақьи Агәыӡера аҳаблеи рҟны иҟаз аҭҵаарадырра-техникатә обиектқәа "А", "Г" рышьаҭала. Урҭ аҩ-обиектк аԥҵан Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ақәҵарала 1945 шықәсазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: