Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа аԥҟарақәа иахьынӡарықәшәо атәы

Гәдоуҭа апарк-плиажтә нхамҩа аиҳабы Даниил Габниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә плиажқәа аӡҭаларазы ашәарҭадара аԥҟарақәа иахьынӡарықәшәо атәы.
Sputnik
Габниа еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа аԥҟарақәа иахьынӡарықәшәо атәы

"Ацентралтә амшын цәаҳәа атәы ҳҳәозар, уажә ааигәа еилҳаргеит. Ҩ-машьынак рызна агәам-сам ықәаҳгеит, амшын ацәаҳәа излаҳалшоз ала иҳариашеит. Иргылан атәарҭақәеи агәам-сам ҭаԥсарҭақәеи. Излаҳалшо ала арыцқьара ҳаҿуп, араион ауааԥсыреи асасцәеи рзы. Аӡиасқәа амшын иахьалало аҭыԥқәа рҿы адыргақәа ҳәа акгьы ыҟам, убас аӡҳәаа арбагақәагьы. Аха аԥҟарақәа зегьы ахьарбоу ақьаад уажә ааигәа ҳнапы иаркын, аҽазыҟаҵарақәа цоит. Аплиажқәа рҿы аиқәырхаҩцәа ҳамам, иара уи адагьы аиқәырхаратә нышьқәагьы, арҭ азҵаарақәа зегьы араион ахадараҿы ирылацәажәан, аҭагылазаашьа ариашаразы аусурақәа цоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габниа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: