"Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аатит иахьа Аҟәатәи ацәыгақәҵатә зал хадаҟны. Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Аҭааҩцәа рзы уи аартызаауеит ԥхынгәы 28-нӡа. Ацәыргақәҵа ахҭнықалақь амш иазкуп, уи есышықәса ԥхынгәы раԥхьатәи асабша иақәшәоит.
"Раԥхьаӡа акәны еиҿкаауп Аҟәа иазку ацәыргақәҵа. Ақалақь ахаҿра аазырԥшуа, ишьақәзырӷәӷәо аусумҭақәа рыла ишьақәыргылоуп. Ацәыргақәҵа аиҿкаара зыбзоуроу, ахылаԥшҩыс иҟоу Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа лоуп. Аиашазы уеигәырӷьаратәы иҟоуп иара аиҿкаашьа, асахьаҭыхыҩцәа азҿлымҳара роурц лагамҭа бзиоуп, ҳәара аҭахӡам. Ацәыргақәҵахь иназгаз сусумҭақәа ракәзар, урҭ ахәаԥшҩы ишьапы дықәызҟьо ҳәа акгьы ыҟамзар ҟалап, иҳалшоз ҟаҳҵеит. Ацәыргақәҵаҟны иҟоуп здунеи зыԥсаххьоу ҳҩызцәа хазынақәа русумҭақәа, иахьа аус зуа асахьаҭыхыҩцәа… Сусумҭақәа ҩба ыҟоуп, руак ҭыхын иаҳхысыз ашықәс азы, егьи макьана ашәыгақәагьы мбаӡацт . Уи Аҟәа ахаҿра зныԥшуа ажәытә хыбрақәа аҿаԥарақәа рыҭаны, баркьылқәак, гәашәқәак ԥшӡашәа иаҭаны иахьыҟаз мышкы шәынтә уахьиасуа, аха ус иузгәамҭо ҭыԥк сылаԥш ақәшәеит… Аҩбатәи аусумҭа абиԥара дук рҿара ахьырхыргаз акаҳуажәырҭа "Амра" аанарԥшуеит", - иҳәеит Қацәба.
Асахьаҭыхыҩ иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" захьӡу ацәыргақәҵа есышықәса имҩаԥгалазар традициа бзахон ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: