Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Очамчыра АҶА аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз атәы

Аҟәа ақалақьи араиони абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит АҶА аҽазыҟаҵарақәа ишрылахәыз 140-ҩык рҟынӡа аиқәырхаҩцәа.
Sputnik

Иахьа Очамчыра араион аҿы АҶА аԥҵоуижьҭеи 14-шықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаԥысит зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа.

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Очамчыра АҶА аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз атәы

"Аҽазыҟаҵарақә ирылахәын араионқәа зегьы рҟнытә аиқәырхаҩцәа. Дара ирылшоз зегьы аадырԥшит, хәҭа-хәҭала ирыдыз адҵақәа зегьы нарыгӡеит, вертолиотла аиқәырхаҩцәа штәоз, амшын аҿы амца зкыз аӷба шдырцәоз уҳәа, зегьы рхы бзиан иаадырԥшит. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын атәыла анапхгара, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ, дара ҳусура ахәшьара бзиа арҭеит, ҳазыҟаҵашьа ргәаԥхеит. Иара убас иҟан апарад. АҶА иамоу атехника ахкқәа зегьы ықәсит. Иаҳҿаԥшуаз зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит аҽазыҟаҵарақәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: