Хышықәса иқәырҵеит: Аԥсныҟа агероин алазгалоз Урыстәыла атәылауаҩ иус ӡбоуп

Ахьчаҩцәа рган ахашшааратә шшыԥхьыӡ шынанашьҭызгьы, Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭа аҩбатәи аинстанциа аӡбаҩ ахарадҵа еиҭакрада иаанижьит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсныҟа агероин алагалара иҽазышәаразы иус рыӡбит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны атәылауаҩ аҳәааҟны агероин идырбалеит

Ахаҵа даанкылан 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Агәаҭара иахыжьраан идырбалеит аилаҳәара. Аекспертиза аилаҳәара иагәылаз анаркотикатә маҭәашьар "героин" шакәыз шьақәнаргылеит.

"Адлертәи араионтә ӡбарҭа аӡбрала иарбоу атәылауаҩ ахара ихараҵан Урыстәылатәи Афедерациа АЗ ахәҭаҷ 229 ахәҭа 1 (анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда) инақәыршәаны, азеиԥш режим иатәу ариашаратә коллониаҿы хышықәса ихигараны иқәҵоуп", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Ашьауӷа азинмчра аиуит.