Шәача ашәнызқьҩыктәи атурист иԥылеит

Ашықәс иалагазар Шәача иаҭаахьеит 1,2 миллионҩык асасцәа. Ишазыԥхьагәаҭоу ала ԥхынгәымзазы 90-процент акурорт асанаториақәеи асасааирҭақәеи ҭәыроуп. Нанҳәамзазы 100% инагӡахап ҳәа иԥшуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҿы гәырӷьарак аҳасаб ала иԥылеит а-шәнызқьҩыктәи  атурист Илиа Медведев. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Макьана амшынҭаларада: Шәача раԥхьатәи атуристцәа ишырԥыло

Илиа Медведев Шәачаҟа ҭаацәала дааит.

"Асеиԥш ҳазыԥшымызт. Аԥхьа акыр иџьаҳшьеит. Ҳаигәырӷьеит ишаҳԥылаз. Шәачаа еснагь асасцәа ирзыԥшуп. Сгәы иаанагоит ҳаԥсшьарагьы маншәаланы имҩасып ҳәа", - иҳәеит Илиа Медведев.

Ақалақь ахадара рҟынтәи Медведеваа рҭаацәара ҳамҭаны ирыҭан агәмырҿыӷьга парк ахь асертификат, асувениртә аалыҵ, иахьаангылаз асасааирҭа аҟынӡа – хәыда-ԥсадатәи атрансфер.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, акарантин ашьҭахь урыстәылатәи амҩадуқәа машьынала иҭәуп.

Шәача ашәнызқьҩыктәи атурист иԥылеит