Матвиенко: Урыстәыла азыхиоуп егьырҭ атәылақәеи иареи рҳәаа аартразы аусура

Председатель Совета Федерации РФ Валентина Матвиенко
Урыстәыла Аԥсни иареи рхәаа анаркит атәым тәылауаа рзы хәажәкыра анҵәамҭазы, аԥсуа ган ала аҳәаа аркызаауеит ԥхынгәы 15 рҟныӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп аурысқәа аузыжьуа егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳәаа аартра азҵаарала аусура, аха акоронавирус иадҳәалоу асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьа азгәаҭалатәуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко лажәақәа шьаҭас иааганы.

"Аҳәаа еснагь ҩ-ганк амоуп. Урыстәыла агәы иҭам ихыҭхәыцаау аԥкрақәа ралагалара, аҳәаа аркра, атәылауаа роумышьҭра… Ари ҩ-ганклатәи аизыҟазаашьақәа ирызҵаароуп, атәылақәа аурыс туристцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу иазҵаароуп. Аполитика иадҳәалам, асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьоуп изыдҳәалоу", – лҳәеит Матвиенко.

Ԥхынгәы 2 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳәаа аартра азҵаара раԥхьаӡа инаргыланы изыдҳәалоу Урыстәыла ишьақәгылоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьоуп ҳәа, уи аӡбараан аҩ-тәылак шьаҿеиқәшәала акаҿы еизааироуп ҳәагьы ациҵеит. Атәыла ахада иазгәеиҭеит аҳәаа аартра аганахьала Урыстәыла аԥыза-министр михаил Мишустин иахь асаламшәҟәы шиҩыз атәы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: