Арадио

Гогьиаԥҳа аҳазалхратә еилакы ашықәсбжазтәи аусура арбагақәа рзы: алҵшәа бзиақәа ҳамоуп

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маӡаныҟәгаҩ Кристина Гогьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аилак ашықәсбжазтәи аусура алҵшәақәа зеиԥшроу, акарантин аамҭазы Аԥсны шаҟа рыхә атауар ҭагалаз, иара убас анҭыҵ ишьҭыз аалыҵқәа ртәы.
Sputnik
Гогьиаԥҳа аҳазалхратә еилакы ашықәсбжазтәи аусура арбагақәа рзы: алҵшәа бзиақәа ҳамоуп

"Аҳәынҭқарраҟны аԥкрақәа шалагалазгьы акроновирус апандемиа иахҟьаны, Аԥсны аҳазалхратә еилакы аусура мҩаԥнагон, алҵшәа бзиақәагьы ҳамоуп. 2020 ашықәсбжа алҵшәақәа ҳрыхәаԥшуазар, Аԥсны аҳәынҭқарра атауареикәыршара 11 миллиарди 691 миллион мааҭ артәеит. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар ҷыдала аҽамԥсахӡеит, 7 миллион мааҭ рыла еиҵахеит иаҳдыруа аԥкрақәа шалагалазгьы… Аимпорт аҳасабала Аԥсныҟа иҭагалаз афатә аалыҵкәа 2 миллиардки 697 миллиони мааҭ рыхә ыҟоуп, ҵыԥх аасҭа 11 миллион мааҭ рыла еизҳаит…

Аекспорт атәы анаҳҳәо, ҳганахьала иазгәаҭатәуп сынтәа Аԥсны анҭыҵ ишьҭыз аҵаҵындра арекордтә рбагақәа шамаз. Ҵыԥх 13 тонна аҵаҵындра ҭыгазҭгьы, сынтәа уи арбага 260 тонна рҟынӡа инаӡеит", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: